Ҭемыр  Аласаниа ақалақьтә аӡбарҭаҿы иҿахәы иҿырхуеит
Ҭемыр  Аласаниа ақалақьтә аӡбарҭаҿы иҿахәы иҿырхуеит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ианшьа Ҭемыр Аласаниа, хазхаҭалатәи аимадара амаӡа аилагаразы имҩаҧысуа аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы иҿахәы иҿырхуеит.

Аӡбарҭа ахыбра дыҩналаанӡа Аласаниа ишиҳәаз ала, анҵамҭақәа зегьы ҧаршеиуп.

«Сара Америка сатәылауаҩуп, аха, уезгьы, аҿахәҿыхрашҟа сааирц сыӡбеит. Раҧхьа иргыланы, сара сахь зҵаарақәас ирымоу еилыскаар сҭахуп. Насгьы, Америка аконсулгьы сдукатцәагьы срацәажәеит, претензиас ирымоу еилыскаароуп.  Дара ицәырыргаз анҵамҭақәа зегьы ҧаршеиуп.  Сара абри аекспертиза агәра згом.  Аекспертиза ахысра сгәы иҭам, избанзар, ари атәыла сатәылауаҩым,  Америка атәылауаҩра сымоуп.  Сзинқәа еиларгар, ацхыраара саҳәоит, сара сахьынхо атәылаҿы исыцхраарц срыҳәоит. Абри зегьы аполитикатә ашьаҭа амоуп», — иҳәеит Ҭемыр Аласаниа.