Ҭеа Ҵулукиани – Асанкциақәа Қырҭтәыла аибашьра алагалара аҽазкра ҳасабала ирыхәаҧштәызар ҟалап, аха, уи зыҟалом
«Аҩызарала иаҳзыҟоу атәыла абри аҩыза аиҕаратә аӡбарақәа анаднакыло угәы иалсратәы иҟоуп. Уи Қырҭтәыла аибашьра алагалара аҽазкра ҳасабала иахәаҧштәызар ҟалап», — илҳәеит Қырҭтәыла акультура аминистр Ҭеа Ҵулукиани.
Лара лажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара асанкциақәа ззышьақәыргылоу ахаҿқәа рзы анырра заиуам.
Ҵулукиани ишазгәалҭаз ала, уажәазы атәылазы ахадаратә ҵакы амоуп аҭынчра ахьчара.
«Ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы амоуп ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара. Уи ахадаратә ҵакы амоуп ҳҳәынҭқарреи ҳмилаҭи реиқәырхаразы. Қырҭтәыла аиҳабыра уи еиқәдыршәоит. Убри аҟынтә, абри ииашам аӡбара агәынгара мацара ҳазцәырнагеит», — илҳәеит Ҵулукиани.
Украина ахада Владимир Зеленски идҵала, ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауааа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп.