Ҭеа Ахвледиани - Изакәандароу ампыҵахалара агәымылџьбара ауаҩытәыҩа ашьаҭатәи изинқәеи, иԥсҭазаареи анеиланаго, ахара зду ахаҿқәа ахьырхәрада анныҟәо, ари угәы ԥнажәоит
Ҭеа Ахвледиани - Изакәандароу ампыҵахалара агәымылџьбара ауаҩытәыҩа ашьаҭатәи изинқәеи, иԥсҭазаареи анеиланаго, ахара зду ахаҿқәа ахьырхәрада анныҟәо, ари угәы ԥнажәоит

«Зегь реиҳа идуӡӡоу ауадаҩра ампыҵахалаҩцәа ауаҩытәыҩса ишәарҭадареи ихақәиҭреи анеиларго, урҭ иреиуп Қырҭтәыла атәылауаа изакәандароу раанкыларақәа», — илҳәеит аҳәынҭминистр Ҭеа Ахвледиани апарламент аҿы «Аминистр исааҭ» аан данықәгылоз.

Аминистр лажәақәа рыла, Аҟәеи Цхинвали закәандарала иҭакуп жәҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Аминистр Гал иршьыз Ҭемур Карбаиа иҭаацәара дрыдашшылан, ишылҳәаз ала, аҩныҵҟатәи аусқәа русҳәараҭа ашьаусӷа усԥшаара хацнаркит.

Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭемур  Карбаиа Гал араионаҿ аҭыҧантәи амилициа аусзуҩцәа дыршьит.