Ҭеа Ахвледиани импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу ахаҿқәа рпанихидаҿ дыҟан
Ҭеа Ахвледиани импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу ахаҿқәа рпанихидаҿ дыҟан

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании, аԥыза-министр Иракли Коюахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, аминистрцәа ркабинет алахәылацәеи импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рпанихидаҿ иҟан.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати  Аџьар Қаҧшь жәларбжьаратәи акомитети  русеицура ала,  1990-тәи ашықәсқәа раан хaбaрдa ибжьaӡит ҳәa иҧхьaӡaз 16-ҩык рыԥсыбаҩқәа импыҵахалоу Аҧснынтә иагоуп. Зыҧсыбаҩқәа ииагоу, зыхьӡқәа еилкаау 16-ҩык рҟынтә 7-ҩык аруаа роуп, 9-ҩык аҭынчуаа роуп.

1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьреи 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьареи раан  хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, раҧхьаӡа акәны аҧсыбақәа ҧшааны ииаргеит 2013 шықәсазы. Зыӡбахәы ҳәоу амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы зынӡа иҧшааны ииагоуп 621-ҩык рыҧсыбаҩқәа, урҭ рҟынтә  316-ҩык рыхьӡқәа еилкаауп, 2000-ҩык хбарда иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.