„Ҭбилсервис гәыҧ“ еиуеиҧшым апозициақәа рзы авакансиақәа аанацҳаит, инеидкыланы  398 ҩык атәылауаа аусурҭа роур рылшоит
„Ҭбилсервис гәыҧ“ еиуеиҧшым апозициақәа рзы авакансиақәа аанацҳаит, инеидкыланы  398 ҩык атәылауаа аусурҭа роур рылшоит

„Қарҭ ахадара иаҵанакәа „Ҭбилсервис гәыҧ“ еиуеиҧшым апозициақәа рзы авакансиақәа аанацҳаит, зынӡа  398ҩык атәылауаа аусурҭа роур рылшоит, – Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит амуниципалитет аиҳабыра реилатәараҿы.

Калаӡе иажәақәа рыла, изҭаху ауааҧсыра  арыцқьаратә маҵзуреи, иара убас,  аӡцарҭатә аҳақәеи,  адәахьтәи арлашареи аганахьалагьы аусурҭа роур рылшоит.

„Қарҭ ахадара иаҵанакәа „Ҭбилсервис гәыҧ“ аҿы иҟоу авакансиақәа ирызкны аинформациа шәысҭар сҭахуп.  Зынӡа  398ҩык атәылауаа аусурҭала еиқәҳаршәар ҳалшоит. Урҭ рҟынтә  90% арыцқьаратә маҵзураҿы аусура иалагоит.  Аусурҭа заур зҭаху ауааҧсыра зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра аофисқәа ирыдҵаалар рылшоит. . Амашьына дуқәа, атехника ҷыда арныҟәцаҩцәа ҳацәмаҷуп, ари ахырхарҭала  400ҩык раҟара аусурҭа раҳҭар ҳалшоит“, – иҳәеит Қарҭ ахада.