Сынтәа „Ҭбилисоба“ аныҳәа жьҭаара 5-6 рзы имҩаҧысуеит, – Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари аҳәамҭа аҟаиҵеит аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Калаӡе иажәақәа рыла, ҩымш инагӡахо аныҳәа аан ауаа еиуеиҧшым апрограмма рыдаргалоит.
„Ишаҧу ала, аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит Риҟеи, Леҕвҭахевии, Метехи ацҳаи, Орбелиани ишҭеи рҿы. Ахәыҷқәа рзы аконцертқәа мҩаҧаагоит. Атракционқәа рзеиҿаҳкаауеит. Акулинариеи, ахаатәқәеи, ашәҭқәеи рфестивали, аспорттә уснагӡатәқәеи мҩаҧысуеит. Орбелиани ишҭаҿы иааҳартуеит Қырҭтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рпавилионқәа. Ҳәарада, еиуеиҧшым аконцертқәагьы мҩаҧаагоит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.