"Ҭбилиси праид" аҿагылаҩцәа апарламент аԥхьа аоппозициаа рыдгылаҩцәа рқьалақәа еимдырпит
“Ҭбилиси праид” аҿагылаҩцәа апарламент аԥхьа аоппозициаа рыдгылаҩцәа рқьалақәа еимдырпит.
Ультранационалистцәа ргәыԥ ахаҭарнакцәа мшаԥы 9 абаҳча аҟынтә апарламент ахь иасит.
Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, амарш амҩаԥгара азин аӡәгьы ирҭом.
Уажәы апарламент аԥхьа “Ҭбилиси праид” аҿагылаҩцәа ракциа мҩаԥысуеит.