Ҭамар Тҟешелашвили – Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, атәым мчы аинтересқәа рымҩаҧгаҩцәа ррестр аҿы ашәҟәы рҽанырҵеит  233 аиҿкаарақәа
Ҭамар Тҟешелашвили – Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, атәым мчы аинтересқәа рымҩаҧгаҩцәа ррестр аҿы ашәҟәы рҽанырҵеит  233 аиҿкаарақәа

 

Қырҭтәыла аиустициа аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Тҟешелашвили лҳәамҭала, уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, атәым мчы аинтересқәа рымҩаҧгаҩцәа ррестр аҿы ашәҟәы рҽанырҵахьеит  233 аиҿкаарақәа.

Лара ари аҳәамҭа ҟалҵеит Аконституциатә аӡбарҭаҿы, уаҟа  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иадҳәалоу ашшыҧхьыӡ иахәаҧшуеит.

Тҟешелашвили лажәақәа рыла, атәылаҿ  30 нызқь раҟара аиҿкаарақәа иҟоуп.

«Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  Ауаажәларратә реестр амилаҭтә агентра арегистрациазы иадҵаалахьеит  233 аиҿкаарақәа. Макьана аамҭа иҟоуп. Иахьазы атәылаҿ  30 нызқь раҟара аиҿкаарақәа иҟоуп. Ауаажәларратә реестр ауаа аконсультациақәа рыла ирыцхраар аҭахуп. Ҳара атәылауаа азакәан ақәныҟәара рыбжьагареи уи аҿы рыцхраареи иаҳуалуп», — илҳәеит Ҭамар Тҟешелашвили.