Ҭамар Корӡаиа - Уаҵәы Аконституциатә Ӡбарҭа иаӡбоит Урыстәылатәи Аконституциатә Ӡбарҭа амҩа иақәныҟәатәу, мамзаргьы, Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа напхгагас иҟаҵатәу
«Уаҵәы Аконституциатә Ӡбарҭа иаӡбоит Урыстәылатәи Аконституциатә Ӡбарҭа амҩа иақәныҟәатәу, мамзаргьы, Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа напхгагас иҟаҵатәу, — илҳәеит “Аидгылара – Амилаҭтә ҵысра” анапхгаҩцәа руаӡәк Ҭамар Корӡаиа «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иаҿагыланы Аконституциатә аӡбарҭа иалаҵоу ашшыҧхьаӡ иадҳәаланы.
«Азакәан амч аанкылара иазку, мамзаргьы иарбанзаалак абжьаратә ӡбарак рыдыркылар, уи Урыстәыла Аконституциатә Ӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара ацҵатәс иҟалоит. Уаҵәы ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Аконституциатә Ӡбарҭа аҿаԥхьа абри азакәан иахылҵыр зылшо ашәарҭарақәа аарҧшны, атәыла иахәаша ақәҵара рыдыркыларц. Азакәан асанкциақәа рыхәҭа амч аиуеит цәыббра 1 инаркны, аӡбарҭа ақәҵара аднакылароуп цәыббра 1-нӡа», – илҳәеит Корӡаиа.
Уаҵәы Аконституциатә ӡбарҭа “Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан аанкылареи аԥыхреи иазку ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра иалагоит. Нанҳәа 29 асааҭ 11:00 рзы ари аус ахәаҧшра иалагоит Қырҭтәыла Аконституциатә Ӡбарҭа Апленум аҿы.