Ҭамар Багратионии Ҭамара Вучичи Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи ахьтәы фонд иаҭааит

18:58, 15.06.2026

Қырҭтәылеи Сербиеи рхадацәа рыҳәса Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи ахьтәы фонд иаҭааит.

Қырҭтәыла ахада иадминистрациа адыррақәа рыла,  Сербиа ахада Алеқсандр Вучич Қырҭтәыла иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Сербиа актәи аледи Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи аҿы длыдылкылеит Қырҭтәыла ахада иҧшәмаҧҳәыс Ҭамар Багратиони.

„Асасцәа Амилаҭтә музеи ахьтәы фонд дирбеит амузеи агенералтә директор Давиҭ Лордқьиҧаниӡе.  Сербиа ахада иҧҳәыс Қырҭтәыла ибеиаӡоу акультуратә ҭынхареи, ауникалтә археологиатә ҧшаахқәеи, ақырҭуа ахьҟазара аҧҵамҭақәеи лбет“, – иануп Қырҭтәыла ахада иадминистрациа аинформациаҿы.

 

Еиԥшу