Џьамтәылеи-Ираки аҭыҧ змаз адгьылҵысраан иҭахеит 450 ҩык иреиҳаны. Ахәрақәа роуит 7000 ҩык рҟынӡа.
Џьамтәыла аиҳабыра иахьа алахьеиқәҵаратә амш ирыларҳәеит. Нхарҭада иаанхаз зықьҩыла ауаа ажәҩан аҵаҟа ицәан. Зегь реиҳа аҧхасҭа роуит ашьхаҳаракыратә регионқәа. Аиқәырхаҩцәа уаҟа макьана изнеиӡом.
Џьамәтылатәи аих рдыррақәа рыла, Қиманшахтәи апровинциаҟа дцоит атәыла ахада Ҳасан Роуҳани.