Сингапуртәи аметрополитен аҿы адәыҕбақәа реинҟьараан аахақәа роуит 23-ҩык
Сингапуртәи аметрополитен аҿы адәыҕбақәа реинҟьараан аахақәа роуит 23-ҩык рҟынӡа ауааҧсыра. Аахақәа зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп.
Аинцидент аҭыҧантәи аамҭала 8:30 рзы иҟалеит.
Аметрополитен администрациа ҟанаҵаз аҳәамҭала, амашәыр атехникатә персонад игха иахҟьаны иҟалеит. Макьана идырым ахара зду дызусҭада.