Радка Бечтева - Ауaaжәлaррaтә медиa aфинaнсыркрa иҭышәынтәaлaзaроуп, aполитикaтә ҽaлaгaлaрa aҟынтә ихьыҧшымзaроуп
Радка Бечтева - Ауaaжәлaррaтә медиa aфинaнсыркрa иҭышәынтәaлaзaроуп, aполитикaтә ҽaлaгaлaрa aҟынтә ихьыҧшымзaроуп

Ауaaжәлaррaтә медиa aфинaнсыркрa иҭышәынтәaлaзaроуп, aполитикaтә ҽaлaгaлaрa aҟынтә ихьыҧшымзaроуп , – абри еиҧш аҳәамҭа ҟалҵнит европа ателехәаҧшрақәа реидгыла Мрагыларахьтәи Европа атәыоақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рнапхгаҩы Радка Бетчева ауаажәларратә телехәаҧшра афинансркра аҵас аҧсазразы Амилаҭтә ҵысра аҧшьгара данахцәажәоз.

Бетчева лҳәамҭала, ауаажәларратә аих рфинансрқра астандарт Европа ахеилак аҿы рыдыркылахьеит, уи инақәыршәаны Европа ателехәаҧшрақәа реидгыла афинансркра апиципқәа шьақәгылоуп.

Ауаажәларратә медиа ахьҧшымра амазароуп. Ахьҧшымра ҧсахара хаданы иҳаҧхьаӡоит. Арҭ аҧсахарақәа 2012 шықәсазы шьақәнарҕәҕәеит Страсбург, ассамблеа хадаҿы.

Ари аинституциатәи аредакциатәи ахьҧшымра мацара акәым иаанаго, ари афинанстә хьыҧшымрагьы ауп.

Ауаажәларратә медиа афинансркра иҭышәынтәалоу, иадеквату, аполитикатә аҽалагаларантә зхы иақәиҭу, ииашоу, илабҿабоу, аҭак зыҧхықәу иҟазароуп.

Ауаажәларратә медиа афинансркра аиҳабыра ма апарламент рыӡбара ианадҳәалоу, аих аполитикатә ақәыҕәҕәареи анырреи имарианы иҟалоит, илҳәеит Радка Бетчева.

EBU Амилаҭтә ҵысра рыҧшьгаразы ашәҟәы ҷыда рыҩуеит.

Европа ателехәаҧшрақәа реидгылантә ишаарыцҳауа ала, ари ашәҟәы рышьҭуеит иашьашәалоу аусбарҭақәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи зегьы рахь.

Апарламент абиуро иахьатәи аилатәараҿ, Ателехәаҧшра иазку азакәанпроект Амилаҭтә ҵысра ахаҭарнак Роман Гоцириӡе иқәиргылеит.