Михаил Џьанелиӡе Туркменистан имҩаҧысуа Афганистан иазку абжьбатәи аекономикатә конференциа ихы алаирхәоит
Михаил Џьанелиӡе Туркменистан имҩаҧысуа Афганистан иазку абжьбатәи аекономикатә конференциа ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла вице-аҧыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе Туркменистан визит ала дыҟоуп. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Михаил Џьанелиӡе Ҭырқәтәылап имҩаҧысуа Афганистан иазку абжьбатәи аекономикатә конференциа ихы алаирхәоит. иара убас аконференциа иалахәуп 60 ҳәынҭқаррак рҟынтә асасцәа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны апланқәа ирылоуп Афганистани, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Туркменистани рыбжьара атранзиттә-транспорттә аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи “Лапи лазули” ахьӡ ала идыруп.

“Лапи лазули” амаршрут апроект ала иазҧхьагәаҭоуп аиқәшаҳаҭра зыбжьарҵо атәылақәа рыбжьар ахәаахәҭратәи атранспорттәи аизыҟазаашьақәа реиҿкаара, аидарақәа риагареи, ауааҧсыра реиҭаҵреи.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр идыррақәа рыла, “Лапи лазули” аиқәшаҳаҭрала Қырҭәтыла Европеи Азиеи еидызҳәало хадара злоу атранзиттә даҽа корридорк астатус аиуоит.

Ашхабад авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Михаил Џьанелиӡе атәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Рашид Мередов диҧылоит.