Михаил Џьанелиӡе ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы ЕАР иреиҳаӡоу акомиссар ихаҭарнак диҧылеит
Михаил Џьанелиӡе ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы ЕАР иреиҳаӡоу акомиссар ихаҭарнак диҧылеит

Қырҭтәыла вицеаҧыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы Аахыҵ Кавказ аҿы ЕАР иреиҳаӡоу акомиссар (UNHCR) ихаҭарнак, Иоҳанес Ван дер Клаус диҧылеит.

Аиҧылараан аганқәа иахәаҧшит импыҵахалоу арегионқәа рҿы иҟоу агуманитартә ҭагылазаашьа. Агәынамӡара аарҧшын импаҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аетникатә ақырҭуа уааҧсыра рдискриминациеи, рхы иақәиҭны аиҭаҵреи, рхатә бызшәала аҵареи ирыдҳәаланы ишьақәгылоу аҧкрақәа ирызкны.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, аиҧылараан ҷыдала иазааҭгылеит мчыла ихгоу ауааҧсыреи ахҵәацәеи рынхаҭақәа рырхынҳәра ахымҧадара. UNHCR ахаҭарнак ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла анапхгара ахҵәацәа рҭагылазаашьа аиҕьтәраҿы ииашоу ашьаҿақәа шыҟанаҵаз.