Мариам Хаҷвани лфильм “Деде” Қырҭтәыла акинотеатрқәа рҿы иддырбоит жәабран мзазы
Мариам Хаҷвани лфильм “Деде” Қырҭтәыла акинотеатрқәа рҿы иддырбоит жәабран мзазы

Акымкәа жәларбжьаратәи апризқәа змоу афильм “Деде” Қырҭтәыла акинотеатрқәа рҿы иддырбоит жәабран мзазы. Ари адырра шьақәлырҕәҕәоит арежиссиор лхаҭагьы. Уаанӡа Мариам Хаҷвани раҧхьаӡатәи рыҧҵамҭа абҵара 16 инаркны Бырзентәылаҿ иддырбоит.

Ашәан диалект ала иҭыху асахьаҭыхратә фильм “Деде” Азиатәи аоскар  (Австралиа), азы ицәыргоуп. Ари аҳамҭа ИУНЕСКО апатронаж ала ианаршьоит.

Арҭ амшқәа рзы иреиҕьу арежиссуразы Тифофесттәи афестиваль (Польша) аҿы Мариам Хаҷвани араӡнытә аҧааимбар лоуит. Аҳамҭатәра ацеремониаҿ дыҟан атәыла ахадагьы.

Иара убас афильм  “Деде” Франциа, Монпелие имҩаҧысуа жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы ахәаҧшцәа рприз аиуит.