Манилаҿ лада-мрагыларахьтәи Азиа амилаҭқәа реиҿкаара асаммит иахыркәшарахь инеит
Иахьа Манилаҿ лада-мрагыларахьтәи Азиа амилаҭқәа реиҿкаара асаммит ихыркәшоит. Ашәарҭадара арҕәҕәара афонаҿ еизеит ASEAN иалоу 10 ҳәынҭқарарк рлидерцәеи китаитәи, иапониатәи, лад кореатәи рколлегацәеи.
Атәыла партниорцәа рлидерцәа Мрагыларахьтәи Азиа амилаҽқәа реиҿкаарахь ахазырхара ҟарҵеит апротекционизм иаҿагыланы, арегионтә аусеицура дырҕәҕәарц.
Иапониа Аҧызаминистр Синӡо Абегьы аиҿкаара алахәылацәа рахь ахазырхара ҟаиҵеит Мрагыларахьтәи Иапониаҿ иҟоу ааглыхырҭақәа раалыҵ аимпорт азы иҟоу ембарго аҧырхыр. Афатәаалыҵ аимпорт азы ақәиҭымтәра ашьақәыргылара рыӡбеит Иапониа аҭыҧ хмаз адгьылҵысра ашьҭахь.