Леван Изориа ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ диҧылеит
Леван Изориа ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ диҧылеит

ЕАШ атәылахьчара мазаныҟәгаҩ Џьеимс Метиси Қырҭтәыла атәылахьчара министр Леван Изориеи арегион ашәарҭадареи ЕАШ-и Қырҭәтылеи атәылахьчара ахырхарҭала аусеицуреи ирызкыз азҵаарақәа ирыхәаҧшит, абри еиҧш аҳәамҭа аланарҵәеит Пентагон апресспикер Дана Уаиҭ аиҧылара ашьҭахь.

Апресспикер лҳәамҭала, Пентагон имҩаҧысыз аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Леван Изориа ҷыдала иҭабуп иаиҳәеит имҩаҧысуа атәылахьчаратә реформақәа рҿы Қырҭәтыла аҽалагалареи, арбџьармчқәа рырҕәҕәара ахылаҧшразы.

Уаиҭ лҳәамҭала, Қырҭәтыла атәылахьчара аминистрра ииашоу знеишьа амоуп, ари азнеишьа иабзоураны атәыла арбџьармчқәа рырҕәҕәаразы ицоит аҩныҵҟатәи аалыҵ 2,20. Ақырҭуа министр иҭабуп ҳәа иарҳәеит Афганистан амиссиаҿ ЕАШ адгыларазы.

Дана Уаиҭ ишазгәалҭаз ала, Нато иалам аҳәынҭқаррақәа рмиссиақәа еиҿадырҧшыр, Қырҭтәыла ахаҭарнакратә миссиа ахыҧхьаӡара зегь реиҳа идууп.

Пентагон апресспикер лҳәамҭала, алидерцәа ирыхәаҧшит Қырҭәтыла арбџьармчқәа рзыҟаҵарақәа рҿы ЕАш адгылареи апартниорреи ирызку азҵаарақәа.