Кеико Мацуи афилармониаҿ аконцерт мҩаҧылгеит
Кеико Мацуи афилармониаҿ аконцерт мҩаҧылгеит

Афилармониа ауада ду аҿы аконцерт мҩаҧылгеит еицырдыруа аиапон апианист, акомпозитор Кеико Мацуи.

Аконцерт иалаҳәынНиколоз Раҷвели напхгара зызуа Қырҭтәыла амилаҭтә асифониатә оркестри Камолидин Уринбаев напхгара зызуа Узбекистан аҿар рсимфониатә опкестр .

Апианист актәи акомпозициа аныналыгӡа, ақырҭуа ахәаҧшцәа асалам лалҳәан, Қырҭтәыла аконцерт амҩаҧгара алшара ахьлоуз даараӡа дшеигәырҕьо иазгәалҭеит.

Кеико Мацуи 1961 шықәса ҧхынгәы 16 рзы Токио диит. Афортепиано арҳәара далагеит 5 шықәса анылхыҵуаз. Анапхгара азылуеит лхатә џьазбенд, иҭлыжьхьеит 20 альбомк раҟара.