Каха Калаӡе алхҩцәа иаадырҧшыз адгыларазы иҭабуп даҽазнык раиҳәеит
Каха Калаӡе алхҩцәа иаадырҧшыз адгыларазы иҭабуп даҽазнык раиҳәеит

Қарҭ ҿыц иалху ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь ахадараҿ актәи аусуратә мш анҵәамҭаз, аҭыҧантәи халанапхгараҭаратә мчрақәа рахь алхрақәа раан алхҩцәа иаадырҧшыз адгыларазы даҽазнык иҭабуп ҳәа раиҳәеит. Каха Калаӡе асоциалтә каҭа Феисбук ихатә даҟьаҿы Қарҭ ахадарантә  авидеонҵамҭа алаирҵәеит.

Иахьа сусура ҭыҧ ааныскылеит. Ари раҧхьаӡатәи сусура мшуп ари аҭыҧ аҿы. Аемоциақәа рыла иҭәыз мшын. Иахьа иқәсыгылеит Қарҭ ахада ихаҭыҧуаа рҭыҧқәа рзы акандидатцәа . Урҭ исывагыланы ақалақь иадҳәаланы иҳамоу апланқәа рынагӡара ҳрылагоит, иҳәеит Калаӡе.

Қарҭ ахада ҿыц иҳәамҭала, арҭ амшқәа ақалақьтә маҵзурақәа реиҳабацәеи агамгебелцәеи ркандидатурақәа иқәсыргылоит. Амчыбжь анҵәамҭазы урҭ Сакребуло аилатәараҿ шьақәдырҕәҕәароуп.