Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла Нато алалара 29 ҳәынҭқаррак ирыӡбароуп
Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла Нато алалара 29 ҳәынҭқаррак ирыӡбароуп

Қырҭьәылеи Украиние Нато ралалара 29 ҳәынҭқарра адгылаҩцәа ирыӡбароуп, ари апроцесс аҽалагалара аӡәгьы илшом, – абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Канадатәи ақалақт Ҳалифақс имҩаҧысуа ашәарҭадаратә жәларбжьаратәи аконференциаҿ данықәгылоз.

Столтенберг иҳәамҧала, алахәыла ҿыццәа рзы НАТО ашәқәа иаартуп . Столтенберг иҳәамҭала, ари шьақәнарҕәҕәоит аибашьра хьшәашәа ашьҭахь алианс алахәылацәа рхыҧхьаӡара ҩынтә ахьазҳаз, Монтенегро НАТО ахьалалаз.

НАТО алалалразы астандартқәа урышьашәалазароуп. Қырҭтәылеи Украиние ареформақәа мҩаҧыргоит, арҭ ареформақәа хықәкыс ирумоп атәылахьчара аинституциақәа рырҕәҕәара, акоррупциа аҿашылара, адемократиа арҕәҕәара.

НАТО Қырҭәтылеи Украинеи арҭ ареформақәа рымҩаҧгараҿ ацхраауеит. Аха аӡбара рыдыркылароуп АЛианс иалоу 29 ҳәынҭкаррак. Ари аӡбара аҽалагалара аӡәгьы илшом, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.