“Ҳара Венециатәи акомиссиа арекомендациақәа ҳрыдгылоит. Урҭ хықәкыс ирымоуп уажәы ишәымоу аконституциа аиҕьтәра ауп,”- иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Еиду Америкатәи Аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Иан Келли.
Иан Келли идыррақәа рыла. аконституциа иалагалатәу аҧсахрақәа ирызку апроект ҿыц анапхгаратә гәыҧ аднакылеит Венециатәи акомиссиа арекомендациақәа ирызҧхьагәаҭаны.