Европарламент Евроаидгылахь ахазырхара ҟанаҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирымоу европатәи агәазыҳәарақәа даҽазнык иазхарҵар
Европарламент Евроаидгылахь ахазырхара ҟанаҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирымоу европатәи агәазыҳәарақәа даҽазнык иазхарҵар

Европарламент Евроаидгылахь ахазырхара ҟанаҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи Молдовеи ирымоу европатәи агәазыҳәарақәа даҽазнык иазхарҵар – иануп 2017 шықәса абҵаразы имҩаҧысран иҟоу Мрагыларахьтәи партниорра асаммит иалагаанӡа Европарламент аус аднаулаз арекомендациақәа ирызку аҳасабрбаҿ.

Аҳасабрба иадҳәаланы аҵәҭарҧсара иахьа мҩаҧысит Мрагыларахьтәи партниорра иазкыз Европарламент апленартә аилатәараҿ. Аҳасабрба иaдгылеит 519-ҩык aдепутaтцәa, иaҿaгылеит 114-ҩык, рпозициaқәa иaaдмырҧшит 47 европaрлaментaрцәa.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, европарламент арекомендациақәа рыла Евроаидгыла ахеилаки, Еврокомиссиеи Адәныҟатәи аусқәа рдепартаменти рахь ахазырхара ҟараҵеит.

Аҳасабрбаҿ иаарҧшуп Қырҭтәыла априоритет змоу ахырхарҭақәак, ҷыдала: Европарламент Евроаидгыла аинститутқәа рахь ахазырхара ҟанаҵеит Мрагыларахьтәи партниорра асаммит аҿы Қырҭтәылеи, Молдовеи Украинеи Евроаидгылеи рҟны Асоциира иазку аиқәшаҳаҭрақәа  рыбжьаҵара мацара акәымызт хықәкыс иҳамаз. Асаммит аҿы зыҿҳәара наӡоу ахықәкқәа иаарҳарҧшыроуп.

Европарламент европатәи аинститутқәа иаарыҧхьоит асаммит аҿы даҽазнык иазхарҵар Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи ирымоу Европатәи агәазыҳәарақәа 2017 шықәса хәажәкыра 25 рзы ирыдыркылаз адекларациеиҔ Евроаидгыла аиқәшаҳаҭра 49тәи ахәҭеи ирышьашәаланы.

 

Аҳасабрба инақәыршәаны, Европарламент аҳәынҭқаррақәа рахь ахазырхара ҟанаҵоит асаммит аҿы амбициа змоу адекларациа иақәшаҳаҭхар.