Евроинтегрaциa aзҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр иаппарати Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи еидырҵоит
Қырҭтәылa Европеи Евроaтлaнтикaтәи aструқтурaқәеи рaхь aинтегрaциa aзҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр иаппарати Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи еидырҵоит, абри атәы ааицҳаит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Квирикашвили.
Квирикашвили иҟаиҵаз аҳәмаҭала, иҭыҧ аҿы даанхоит Адәҟынатәи аусқәа рминистр, вице-аҧыза Михаил Џьанелиӡе.
Евроинтеграциа ахырхарҭала иҳамоу ааҧхьара ҿыцқәа иахьа иҭбаау аконтекст ауп иаанаго. Ари ахырхарҭа иахылаҧшуеит Адәныҟатәиа усқәа рминистрра.
Ари ахырхарҭа напхгара азиуеит атәыла вице-аҧыза. Ари иаанагоу акоуп – европатәи евроатлантикатәи аинтеграциа иазку аҩныҵҟатәи ареформақәа хымҧада шымҩаҧгатәу – иҳәеит Квирикашвили.