Квропа аҿиареи ареконструқциеи рбанк (EBRD) Қырҭтәыла аекономика азҳара апрогноз шьҭнахит. Аиҿкаараҿ ргәы шаанаго ала, 2017 шықәсеи 2018 шықәсеи рзы атәыла аекономика 4,5% аҟынӡа иазҳауеит.
Сынтәатәи апрогноз 0,6%-ла еиҕьхеит, 2018 шықәсазтәи апрогноз 0,3%-ла.
2017 шықәса 9 мз рзы Қырҭтәыла аекономика 4.7%-ла иазҳаит, аекспорт арбага иазҳаит 28.3%-ла, атуризм аҟынтә ақьарқәа рырбага – 28.5%-ла.
EBRD аус ахьауа атәылаҿ аекономика азҳара абжьаратәи арбага сынтәа 3,3 процнт иаҟароуп, иаауа ашықәс азы 3 процент иаҟарахоит. Лаҵарамзазы ицәыргаз арбагақәа еиҿҳарҧшыр, ари апрогнозгьы еиҕьхеит.