ЕАШ аконгресс агәыцәтә шәарҭаан атәыла ахада изинмчы азҵаара иазәаҧшуеит

ЕАШ аконгресс, аҵыхәтәантәи 40 шықәса рзы раҧхьаӡа акәны, агәыцәтә шәарҭа ашьақәыргылараан Емду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент изинмчы азҵаарақәа иахәаҧшуеит. Азыӡырҩра мҩаҧысуеит сенат адәныҟатәи аусқәа ркомитет аҿы.

Асенаторцәақәак ргәаанагара ала, агәыцәтә шәарҭа ашьақәыргылараан, Америка ахада ҭакҧхықәрадатәи аӡбара идикылар илшоит. Егьырҭ ргәаанагарала,  ахада аӡбара адкылара азакәанҧҵаҩцәа рҽалагадара ада илшароуп. Аконгресс аҿы абри еиҧш азҵаара аҵыхәтәаны 1976 шықәсазы иахәаҧшуан.