Даниа Қырҭтәылеи Украниеи, Урыстәыла агрессиа аҿагыларазы, 860 млн крона алнахуеит
Даниа Қырҭтәылеи Украниеи, Урыстәыла агрессиа аҿагыларазы, 860 млн крона алнахуеит. Абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Андрес Самеулсен .
Аҭыҧантәи аих рдыррақәа рыла, Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәыларатә политика ҿыц шьақәнарҕәҕәеит, уи ала иазыҧхьагәаҭоуп Қырҭтәылеи Украиние 2017 2021 шш. рзы 860 млн крона рзаохра.
Самуелсен иҳәамҭала, Қырҭьәыла аҧшьбарак Урыстәыла ала импыҵахалоуп, Аиҳабыра арҭ атерриториақәа рызхылаҧшуем.
“Қырҭтәылеи Укринеи ҳрыцхраар ҳҭахуп иҕәҕәоу адемократиатә тәылақәа раҧҵараҿы. Арҭ атәылақәа рбизнес ҳрыцхраауеит, Евроаидгылаҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра ахархәара иаҳа ибзианы ирылшар азы. Украинеи Қырҭтәылеи Европа рхааигәахаразы ари иреиҕьу мҩоуп. АРи ирылгар, арҭ атәылақәа афинансқәа рганахьала иҕәҕәазароуп,” – иҳәеит Самуелсен.