Давид Нарманиа аҳҭнықалақь ахада иаҳасаб ала Қарҭ аиҳабыра аҵыхәтәантәи реилатәара мҩаҧигоит
Давид Нарманиа аҳҭнықалақь ахада иаҳасаб ала Қарҭ аиҳабыра аҵыхәтәантәи реилатәара мҩаҧигоит.
Аилаьәара аусхәаҧштә иалоуп 20 зҵаарак, урҭ иреиуоуп Риҟе иахьаҵанакуа адгьыл Аҧсабарахьчара аминистрра ишиашоу аҵас ала ахархәара зин рыҭареи, Қарҭтәи амуниципалитет 100 % аҽалархәразы ишьаҭакыз “Қарҭтәи атранспорттә еилахәыра” акапитал аҧсахра иазку азҵаареи, Сабурҭалотәи араион аҿы иҟоу адгьы аҳәаақәа рырҽеиреи, Қарҭ ахадара ашьапылампыл аспорттә центр Имеди аҧара азалхра азҵаареи уб. егь.
Давид Нарманиа Қарҭ ахада иҭыҧ ааникылоит 2012 шықәса инаркны. Уи инапынҵақәа шьҭеицоит абҵара 11 рзы. Хәыгықәсатәи аусура аҳасабрба Нарманиа абҵара 10 рзы цәыригоит.
Қарҭ ҿыц иалху ахада Каха Калаӡе ахада инапынҵақәа рынагӡара далагоит абҵара 13 рзы.