Гьаргь Овашвили ифильм  “Хибула“ абҵара 23 иныркны акинотеатрқәа рҿы иддырбоит
Гьаргь Овашвили ифильм “Хибула“ абҵара 23 иныркны акинотеатрқәа рҿы иддырбоит

Гьаргь Овашвили ифильм ҿыц  “Хибула“ абҵара 23 иныркны акинотеатрқәа рҿы иддырбоит. “Хибула“ драмоуп, уи Қырҭтәыла ҧыхьатәи ахада Звиад Гамсахәырдиа иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи 50 мш иирызкуп.

Афильм арежиссиро итрилогиа аҵыхәтәантәи ахәҭоуп. Актәи афильм “Аӡиас нырцә”  Гьаргь Овашвили 2009 шықәсазы иҭихит, аҩбатәи – “Аџьықәреитә аӡбжьахала” – 2014 шықәсазы.

Звиал Гамсахәырдиа ироль наигӡоит актиор Ҳосеин Маҳџьуб.

“Хибула“ апремиера Карловы Вары имҩаҧысыз 52тәи жәоабжьаратәи акинофестиваль аҿы мҩаҧысит.