Гьаргь Квирикашвили акадртә ҧсахрақәа инапы аҵаиҩит
Гьаргь Квирикашвили акадртә ҧсахрақәа инапы аҵаиҩит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Квирикашвили аминистрцәа ркабинет аҿы имҩаҧысыз акадртә ҧсахрақәа ирызку ақәарақәа инапы аҵаиҩит .

Аиҳабыра рхантәаҩы иқәҵара инақәыршәаны, Қырҭтәылa актәи вице-Аҧызac, aекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрc дҟаҵоуп Дмитри Қумсишвили, Қырҭтәылa вице-Аҧызac, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс Гьаргь Гахариа, Афинансқәа рминистрс –  Мамука Бахтаӡе, Аҵареи аҵарадырреи рминистрс – Михаил Чхенкели.

Гьаргь Квирикашвили иқәҵара инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәи аусқәа ҧыхьатәи рминистр Гьаргь Мҕебришвили Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратәи акризисқәа рхылаҧшреи рхеилак амаӡаныҟәгаҩс дҟаҵоуп.