Аԥсны де-факто Ашәарҭадартә маҵзура аусзуҩцәа Қырҭтәыла административтә ҳәааҟны иаанкылоу ауаа рыҭҵаара мҩаԥнагоит
Аԥсны де-факто Ашәарҭадартә маҵзура аусзуҩцәа аԥсуа-қырҭуа ҳәааҟны иаанкылоу ауаа рыҭҵаара мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны де-факто Ашәарҭадаартә маҵзура апресс-маҵзура.
Импыҵахалоу Аԥсны Ашәарҭадартә маҵзура аусзуҩцәеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Гал араион аҟны иааныркылеит закәандарыла аҳәаа иахысуаз Мысра атәылауаа быжьҩык, Сомали атәылауаа ҩыџьа, Иемени Судани ртәылауаа фҩык. Иаанкылоу рҿахәҿыхраан ирҳәо еиқәшәаӡом.
“Иаанкылоу зегьы иахьатәи аамҭазы аибашьрақәа ахьцо мамзаргьы атеррористтә гәыԥқәа ахьыҟоу атәылақәа иахьыртәу инамаданы рыҭҵаара иаҿуп урҭ атеррористтә еиҿкаарақәа акала ирыдҳәалоу ирыдҳәаламу ҳәа”, — арбоуп Аԥсны де-факто Ашәарҭадартә маҵзура адырраҭараҟны.
Де-факто Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа амиграциа амҩасырҭа канал аиҿкаара ақырҭуа еиҿкаара ҷыдақәа рзы аинтерес аманы иҟоуп.
Аԥсны де-факто Ашәарҭадартә маҵзураҟны иҟоу агәаанагарақәа рыла ари аканал ала атеррористцәа Урыстәылеи Европа атәылақәеи рахь риагара еиҿкаахар алшоит.
Иаанкыло рганахь ала ашьаус хацыркуп, изакәанымкәа аҳәаа ахысра ахәҭаҷ ала. Иара иазыԥхьагәанаҭоит хәышықәса рҟынӡа аҭакра. Импыҵахалоу Аҟәа ақалақь аӡбарҭа урҭ рганахь ала аусҭҵаарақәа мҩаԥыргонаҵы ҩымз ҳәа иаанкылоуп.