Адунеи аҿы апопуларра змоу апрессаҽ ишану ала, ауаҩы аҩыҟаҵара далагеит 8000 шықәса раҧхьа, 8000 шықәса раҧхьа аҩыҟаҵара Қырҭтәылаҿ ауп ахьииз, – абри еиҧш аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭәтыла ақыҭанхамҩа аминистр Леван Давиҭашвили.
“2013 шықәсазы Аҩы амилаҭтә агентра афинансқәа рыла имҩаҧысыз аҭҵаара алҵшәақәа инрықәыршәаны мацара абри еиҧш аҳәамҭақәа рыҟаҵара ҳалшомызт. ЕАШ аҵарадырратә академиаҟны аиқәшаҳаҭра ҳаман, аофициалтә аҭҵаарадырратә статиа икьыҧхьаанӡа, аҳәамҭақәа шыҟаҳамҵоз.
Иаха астатиа икьыҧхьын. Иахьа адунеи аҿы еицырдыруа апрессаҿ ишырыҩуа ала, аҩы 8000 шықәса ахыҵуеит, 8000 шықәса раҧхьа аҩы Қырҭтәылаҿ ауп ахьииз, – иҳәеит Леван Давиҭашвили.
Ҳаамҭазтәи абиомолекулартә археологиатәи археботаникатәи ашаҳаҭгақәа рыла, ҳ.ҟ. 6000-5800 шш. рзы аҿатәхаҳә ҧаса ахаан Қырҭәтылаҿ аҩы ҟарҵон, аҩы адунеи аҿы Қырҭтәылантә иларҵәеит. PNAS аҿы икьыҧхьу астатиа авторцәа ақырҭуа, канадатәи, америкатәи, афранцыз, израильтәи, италиатәи аҵарауааи апрофессорцәеи роуп.