Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхaҭaрнaкцәеи aусеицурa aмеморaндум рыбжьaрҵеит
Иaхьa Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхaҭaрнaкцәеи aусеицурa aмеморaндум рыбжьaрҵеит.
Амеморандум ала аганқәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит, амеморандум хықәкыс амоуп зхы иақәиҭу, адемократиатә, азинқәа иахьеиҟаро, азинтә ҳәынҭқарреи ауаажәларреи рышьаҭакраҿ Қырҭтәыла амилаҭтәи арелигиатәи аиҵарақәа активтә рҽалашалара адгылара. Ишәыдаагалоит амеморандум атекст:
Қырҭтәыла ауаажәларратә телехәаҧшрееи Қырҭтәыла амилаҭтәи арелигиатәи аиҵарақәа рхаҭарнакцәеи аусеицразы еиқәшаҳаҭхоит, зхы иақәиҭу, адемократиатә, азинқәа иахьеиҟаро, азинтә ҳәынҭқарреи ауаажәларреи рышьаҭакраҿ Қырҭтәыла амилаҭтәи арелигиатәи аиҵарақәа активтә рҽалашалара адгылара.
Қырҭтәыла ауаажәларратә телехәаҧшреи Қырҭтәыла амилаҭтә аиҵарақәеи еиҵыҟарҵо аҳәамҭа инақәыршәаны:
Қырҭтәыла амилаҭтәи арелигиатәи аҧштәырацәара аиҿагылареи аиҟәшәареи ракәым, ҳтәыла абеиароуп;
Қырҭтәыла аҳәынҭқарреи ауаажәларреи змасштаб ҭбаау ашьаҿақәа ҟарҵароуп Қырҭтәылаҿ амилаҭтәи арелигиатәи аиҵарақәа ринтеграциеи, рзинқәа рыхьчареи, атолеранттә қәыҧшылареи рышьаҭакра адгыларазы;
Иазыҧхьагәаҭатәуп амилаҭтәи арелигиатәи аиҵарақәа рыхьчара аганахьала Қырҭтәыла азакәанҧҵареи жәларбжьаратәи аӡинтә нормақәеи рыла иазҧхьагәаҭоу ашьаҭатәи ақәҵарақәа, Қырҭтәыла аконституциеи, Ауаҩытәыҩса изинқәа зегьеицырзеиҧшу адекларациеи, Ауаҩытәыҩса изинқәеи ашьаҭатәи ахақәиҭрақәеи рыхьчара Европатәи аконвенциеи, Амилаҭтә аиҵарақәа рыхьчара иазку арамкатә конвенциеи, Амилаҭтә аиҵарақәа рыхьчара иазку амилаҭтә арамкатә конвенциеи, Адырраҭара иазку Қырҭтәыла азакәани нрылаҵаны;
Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхaҭaрнaкцәеи аус еицыруоитАдыраҭара иазку Қырҭтәыла азакәан 16тәи ахәҭаҷ (ҕь апункт) ареализациазы, уи ала Ауаажәларратә телехәаҧшра “Апрограммақәа рҿы ауаажәларраҿ иҟоу аетникатәи, акультуратәи, абызшәатәи, арелигиатәи, қәралатәи, агендертәи аҧштәырацәара” аарҧшра аҭакҧхықәра ахахьы агеит;
Қырҭтәыла Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхaҭaрнaкцәеи аус еицыруоит аконсультациақәеи, адискуссиақәеи, агәаанагарақәеи аинформациа аиҭныҧсахлареи рыла;
Аусеицура амеморандум Қырҭтәыла амилаҭтә акзаареи, атәылауаҩратә интеграциеи, амилаҭқәеи арелигиақәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыдгылара амедиа стратегиеи ауснагӡатә плани иузеиҟәымҭхуа рыхәҭа ауп. Уи Қырҭтәыла Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхаҭарнакцәеи аус еицрыдырулеит.
Қырҭтәыла Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхаҭарнакцәеи реиқәшаҳаҭр, ҳзахцәажәоу амеморандуми Қырҭтәыла амилаҭтә акзаареи, атәылауаҩратә интеграциеи амилаҭбжьаратәи арелигиабжьаратәи аизыҟазаашьаҟәа рырҿиаразы иҟоу амедиастратегеи ауснагӡатә плани аҧсахрақәа ралагалара алшара ҳнаҭоит.
Амеморандуми Қырҭтәыла амилаҭтә акзаареи, атәылауаҩратә интеграциеи, амилаҭбжьаратәи арелигиабжьаратәи еизыҟазаашьақәа рыдшыларазы иаҧҵаз амедиа стратегиеи ауснагӡатә плани шьақәдырҕәҕәоит Қырҭтәыла Ауaaжәлaррaтә телехәaҧшреи aетникaтәи aрелигиaтәи aиҵaрa рхaҭaрнaкцәеи“.
Қырҭтәыла амилаттә акзаареи, атәылауаҩратә интеграциеи, амилаҭбжьаратәии арелигиабжьаратәиахьарҧши еизыҟазаашьақәа рыдгылара астратегиа шәаҧхьар ишәылшоит ахьарҧш аҿы.