Америка агеологиатә маҵзура аинформациа инақәыршаны, Азербаиџьан адгьылҵысра ҟалеит
Америка агеологиатә маҵзура аинформациа инақәыршаны, Азербаиџьан адгьылҵысра ҟалеит

Америка агеологиатә маҵзура аинформациа инақәыршаны, Азербаиџьан 5,1 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит.

Амаҵзура адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр ақалақь Барда 25 км иацәыхараны, лада-мрагыларахьала , 9,7 км адгьыл аҵаулараҿ ҟалеит.

Адгьылҵаҟатәи аҵысрақәа Қырҭтәыла атерриториаҿ иҟан. Актәи аканал ахь Адгьыл аҭҵаарақәа ринститути Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центри ишаарыцҳаз ала, заанаҵтәи адыррақәа Қырҭтәыла-Азербаиџьан аҳәаа ааигәара 4,9 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, дгьыл аҭҵаарақәа ринститути Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центри рвебдаҟьа ианылеит аинформациа ҿыц  – Азербаиџьан,  Қырҭтәыла аҳәаа 171 км иацәыхараны, 5,9 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит