Аиҳабыраҿ имҩаҧысран иҟоу аструктуратә аиҭакрақәа рпакет Апарламент аҿы иахьа иахәаҧшуеит
Аиҳабыраҿ имҩаҧысран иҟоу аструктуратә аиҭакрақәа рпакет Апарламент аҿы иахьа иахәаҧшуеит

Анагӡаратә напхгараҿ имҩаҧысран иҟоу аструктуратә аиҭакрақәа рпакет, Азакәанҧҵаратә аиҿкаараҿ  иахьа иахәаҧшуеит. Азакәанҧҵаратә пакет абиуро аилатәараҿ иахәаҧшуеит, абиуро аилатәараҿ аиҭакрақәа ринициациа ҟалоит.

Апароаменттә комитет аҿы аиҭакрақәа ирласу аҵас ала иаауа амчыбжь азы ирыхцәажәоит. Уи ашьҭахь азҵаара асессиаҿ иахәаҧшуеит.

Апарламент азакәанҧҵаратә аиҭакра ахҧатәи ааҧхьарала анышьақәнарҕәҕәо ашьҭахь, Аиҳабыраҿ имҩаҧысран иҟоу аиҭакрақәа азакәанқәа рҿы амч роуоит, Азакәанҧҵаратә аиҿкаара аиҳабыра агәрагара азаарҧшра апроцедура мҩаҧнагароуп.

Апарламент ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Аиҳабыра агәрагара рзаарҧшра апроцедура ҧхынҷкәын аҩбатәи абжазы иалаган, ажьырныҳәа алагамҭанӡа инагӡоит.