Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак аҳәамҭа инақәыршәаны, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Реџьеп Таип Ердоҕан
Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак аҳәамҭа инақәыршәаны, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Реџьеп Таип Ердоҕан

Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак аҳәамҭа инақәыршәаны, апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит Реџьеп Таип Ердоҕан, – аарыцҳаит ҭырқәтәылатәи аихқәа.

Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак анапхгаҩы Аҳмеҭ Иенери иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы Реџьеп Таип Ердоҕан абжьқәа 52.14 иоуит. Ари иаанагоу акоуп – Реџьеп Таип Ердоҕан иашьҭанеиуа хәышықәса ирылагӡаны апрезиденттә мандат имазауеит.

Алхрақәа актәи ртур мҩаԥган лаҵара 14 рзы. Аҩбатәи атур рхы аладырхәит ҩыџьа акандидатцәа – Ҭырқәтәыла уажәтәи ахада Реџьеп Таип Ердоҕани иеиду аоппозициа акандидат  Кемал  Кылычдароҕлуи.