Иахьа Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит. Атәылаҿы алхырҭақәа адыркуеит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 17:00, убри анеҩс, заанаҵтәи алҵшәақәа рыларҳәоит.
Аҩбатәи атураҿ Ҭырқәтәыла 13-тәи ахада иҭыҧ иазықәҧоит уажәтәи ахада Реџьеп Таип Ердоҕани аоппозициатә кандидат Кемаль Кылычдар-оҕлуи. Актәи атураан Ердоҕан Кылычдар-оҕлу диаҧасит 2,5 миллион абsжьқәа рыла.