Ҭина Бокучава - Хәажәкыра 31 рзы имҩаԥгаз акциаҿ Саломе Зурабишвили иҿыцу ҳәа акгьы лымҳәеит, убри аҟынтә апартиа "Аҿагыларазы аплатформа" аҟнытә алҵра аӡбеит
Хәажәкыра 31 рзы имҩаԥгаз акциаҿ Саломе Зурабишвили иҿыцу ҳәа акгьы лымҳәеит, убри аҟынтә апартиа “Аҿагыларазы аплатформа” аҟнытә алҵра аӡбеит, – илҳәеит апартиа “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ҭина Бокучава.
“Хәажәкыра 31 рзы имҩаԥгаз акциа, ари амш аҭоурыхтә ҵакы иазыԥхьагәаҭаны, аҵак ду аман, аха Саломе Зурабишивили ажәлар иҿыцу ак ралымҳәеит, убри аҟынтә ари аформат алҵра аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.
“Амилаҭтә ҵысреи” Сломе Зурабишвилии еснагь идуӡӡоу адистанциа рыбжьан. Қырҭтәыла европатәи абираҟ арӷәӷәара зҭахыз, Европа иадгыло ахадацәа руаӡәы ԥасатәи ахада ашьауӷа ихыхра лҭахымхеит, абри ауп иҳабжьоу адистанциа амзыз”, – илҳәеит Бокучава.