Амилаҭтә ҵысра ахантәаҩы Ҭина Бокучава Европа жәлар рпартиа ассамблеиаҿ дықәгылеит.
Ҭина Бокучава Ассамблеиа алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит арезолиуциа иадгыларц, иара убас, «Ақырҭуа гәахәтәы» апарламенттә делегациақәа иазхарымҵарц.
«Страсбург ҳаиҧылара ашьҭахь Қырҭтәылаҿ аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит. Биӡина Иванишвили изакәандаратә режим аполитикатә оппонентцәеи ажурналистцәеи рганахьала арепрессиақәеи амчылареи мҩаҧыргоит. Уажәааны «Иаку амилаҭтә ҵысра» хҩык алахәылацәа иаанкылан. Сара арезолиуциа ҷыда шәадгыларц сшәыҳәоит. Арезолиуциа Европа жәлар рпартиа алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит: «Ақырҭуа гәахәтәы» азакәандаратә режим иазхарымҵарц, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара рыбжьаргарц; хазхаҭалатәи асанкциақәа рышьақәыргылара нашәыгӡароуп. Шәполитикатә лидерцәагьы асанкциақәа рышьақәыргылара ирыбжьажәгарц ҳшәыҳәоит. Афинанстә цхыраара зегьы зхы иақәиҭу АИХқәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи рыдгылара иазкызароуп. Закәандарала иаанкылоу аполитбаандаҩцәа зегьы, иара убас, Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили рхақәиҭра шәаҳәароуп. Насгьы, шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит иарбанзаалак апарламенттә форум аҿы, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿгьы «Ақырҭуа гәахәтәы» апарламенттә делегациақәа иазхашәымҵарц», — илҳәеит Ҭина Бокучава.