Ҭемқа аполициа аҟәша аҧхьа имҩаҧысуаз акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит, џьоукы аанкылоуп
Ҭемқа аполициа аҟәша аҧхьа имҩаҧысуаз акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит, џьоукы аанкылоуп

 

Ҭемқа аполициа аҟәша аҧхьа имҩаҧысуаз акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, азинчаҩцәа акциа алахәылацәақәак ааныркылеит асабрадақәа рныҟәгара амшала, анеҩс, дара аимак рыбжьалеит.

Апатрультә полициа аусбарҭа хада аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Гога Меманишвили иҳәамаҭала, шаҟаҩы аанкылоу ҧыҭраамҭак ашьҭахь еилкаахоит.

Аханатә акциа алахәылацәа „Сараџьишвили иметро“ аҧхьа еизеит, анеҩс, Ҭемқа аполициа аҟәшахьы идәықәлеит.