Ҭеа Ахвледиани хабарда ибжьаӡыз азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнак ҷыда далԥылеит
Ҭеа Ахвледиани хабарда ибжьаӡыз азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнак ҷыда далԥылеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет (ICRC) ахаҭарнак ҷыда Аниес Қоҭу дылԥылеит.

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр лаппарат аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиԥылара мҩаԥган хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны априоритеттә хырхарҭақәа рыла аусзура акоординациазы иаԥҵаз аформат аҿы.

“Аиԥылараҿ иаҵшьны иазгәаҭан апрограмма аҭышәынтәалареи аԥшаара апроцесс иаҳа иеффектны анагӡареи рҵакы, аганқәа аусеицура анагӡара шазыхиоу иазгәарҭеит”, – иануп аинформациа аҿы.