Ҭамар Габуниа - «Анашьҭыга иаҵәа» ахархәара иадҳәланы аконсультациақәа инагӡоит, аҵыхәтәантәи аӡбара адкыларазы ахеилак аилатәара мҩаҧаагоит
Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа лҳәамҭала, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак иахьатәи аилатәараҿы «аанашьҭыга иаҵәа» аконцепциа иалацәажәон.
«Ахеилак алахәылацәа Агәабзиарахьчара аминистрреи Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри ражәалагала иахәаҧшит. «Анашьҭыга иаҵәа» ахархәара иадҳәланы аконсультациақәа инагӡоит, аҵыхәтәантәи аӡбара адкыларазы ахеилак аилатәара мҩаҧаагоит. Аконцепциа аепидшәарҭадара аганахьала ауаҩы иҭагылазаашьа аазырҧшуа 3 параметрк рыла ишьақәгылоуп. Абарҭ апараметрқәа роуп авакцинациеи, есымшатәи арежим аҿы аекспресс-тестисрра ма 72 сааҭтәи арежим аҿы ПЦР тестирра, иара убас, ачымазара алҵра 14 мшы инаркны фымз рҟынӡа аҿҳәара иалагӡаны. Абарҭ апараметрқәа руакы инақәыршәаны, ауаҩы шәарҭада аусура илшоит, атәылақәа рацәа абри аҩыза азнеишьа рхы иадырхәоит», — заявила Ҭамар Габуния.