Ашәҭ шьыҵәрақәа асасааирҭа "Легрaнд" аҧхьа

Асaсaaирҭa “Легрaнд” aхь aуaa рaцәaны инеихьеит. Ашьыжь инaркны aуaaҧсырa aцәымзaқәa aдыркуaн, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵон aсaсaaирҭa aҩнaлaрҭaҿы.

Баҭым, асасааирҭа “Лео гранд”  аҿы иҭахеит 10-ҩык Қырҭәтыла атәылауаа, аӡәы – Џьамтәыла атәылауаҩ.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ахәшәтәырҭахь инагоуп 21-ҩык ауааҧсыра, урҭ рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылам. Ахәрақәа роуз дреиуоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра агентра аиқәырхара абылрацәыхьчаратә  бригада ахаҭарнак.

Асасааирҭа “Лео гранд” абылра афакт инамаданы ус хацыркуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә Кодекс  243-тәи ахәҭаҷ ахҧатәи ахәҭа ала.

Баҭым, асасааирҭа “Лео гранд”  амца цралеит абҵара 24 рзы.