«Зхы иақәиҭу адемократцәа» Қырҭтәыла аиҳабыра рамхреи изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәоит
«Зхы иақәиҭу адемократцәа» Қырҭтәыла аиҳабыра рамхреи изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәоит

«Леқсо иҧсра ала  ҭаацәарак мацара ракәӡам арыцҳара иақәшәаз. Рыцҳарас иҟалаз, иара зеиҧшҟамлац, адгылара змаз, ахьырхәрадатә мчылара далаӡит», — илҳәеит апартиа  «Зхы иақәиҭу адемократцәа» ахантәаҩы Ҭамар Кекенаӡе ателееилахәыра  «Пирвели» аҭыхҩы  Леқсо Лашкарава иҧсра инамаданы.

«Раҧхьа иргыланы, Леқсо иуацәеи иколлегацәеи срыдашшылар сҭахуп. Леқсо иҧсра ала ҭаацәарак мацара ракәӡам арыцҳара иақәшәаз. Иара зеиҧшҟамлац, адгылара змаз, ахьырхәрадатә мчылара далаӡит. Абри ацәгьаура ҟазҵаз аконкреттә хаҿқәа мацара рхьырхәра иазхом.  Қырҭтәыла аиҳабыра ртәылауаа рыхьчара рылшом,  уи еиҳангьы,  дара рхаҭагьы амчылара иадгылоит. Убри аҟынтә,   «Зхы иақәиҭу адемократцәа»  Аҧыза-министр Ҕарибашвили анапхгара ззиуа аиҳабыра рамхреи,  изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәоит. Иара убас,  иаартны,  аргама   амчыларазы ааҧхьара ҟазҵоз адоуҳатә хаҿқәа аҭакҧхықәра рыдҵара азҵаара иқәыргылатәуп», — илҳәеит Ҭамар Кекенаӡе.