Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аҽыҧхьакра аҿҳәара  5 мшы аҟынӡа еиҵартәыр ҟалап
Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аҽыҧхьакра аҿҳәара  5 мшы аҟынӡа еиҵартәыр ҟалап

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили иҳәамҭала, аҽыҧхьакреи акарантини аҧҟарақәа рыҧсахра аштамм  «Омикрон» ахьанҭара иахьыҧшуп, аҽыҧхьакреи акарантини аҿҳәара 12 мшы аҟынтә  8 мшы аҟынӡа еиҵартәыр ҟалап.

«Егьырҭ атәылақәа рҧышәа ҳахәаҧшыр, аҿҳәарақәа реиҭахәаҧшра ҳалшоит, избанзар, иаҳҳәап, Америка,  8 мшы акәымкәа, 5 мшы хымҧадатәи акарантин рылаҳәоуп», — иҳәеит Зураб Азарашвили.