Зураб Абашиӡе -  Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы ҳнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит
Зураб Абашиӡе -  Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы ҳнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит

«Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәразы ҳнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит», — иҳәеит Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда Зураб Абашиӡе Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Адипломат иҳәамҭала, раҧхьа иргыланы, ари азҵаара иқәдыргылароуп Женеватәи аформат аҿы.

«Ҩ-ганктәи Прагатәи адиалог аформат ахәаахәҭра-економикатә зҵаарақәа рыӡбара иазкуп. Аха, абри аҩыза афактқәа аныҟоу,  сара еснагь абарҭ азҵаарақәа рықәыргыларазы  алшарақәа зегьы схы иасырхәоит. Ҳара абри аганахьала аҧышәа ду ҳамоуп, уажәгьы, ҳнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәразы.   Карасинеи сареи ҳаиҧылара анымҩаҧысуа макьана еилкаам. Аха, ҳара ҭелла ҳаицәажәараны ҳаҟоуп, сара хымҧада ари азҵаара иқәсыргылоит», — иҳәеит Зураб Абашиӡе.