Жозеп Боррель - Урыстәыла, Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Украинаҿгьы ахадаратә принципқәа еиланагоит
Жозеп Боррель - Урыстәыла, Қырҭтәыла еиҧшҵәҟьа, Украинаҿгьы ахадаратә принципқәа еиланагоит

«Урыстәыла европатәи арегион аҿы ахатә геополитикатә роль аиҭашьақәыргылареи Европеи Америкеи рыбжьара аимадара арҧсыҽреи аҭахуп», —  иҳәеит Евроеидгыла адәныҟатәи ахырхарҭа анапхгаҩы Жозеп Боррель.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла анапхгара Европатәи Ахеилак акгьы аанамгоушәа, аҵакы ацәыӡызшәа аадырҧшыр рҭахуп. Иара убас, Боррель  ишиҳәаз ала,  Урыстәыла «Украинеи Беларуси, Абжьаратә Азиа атәылақәеи рзы анырра хада аиура ауп хықәкыс ирымоу».

«Иааркьаҿны иуҳәозар, Москва астратегиатә хықәкы – Европа арегион аҿы асоветтә геополитикатә хырхарҭа аиҭашьақәыргылареи Европеи Америкеи реиҟәшареи ауп. Ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом. Урыстәыла, Қырҭтәыла ишыҟарҵаз еиҧшҵәҟьа, Украинагьы ахадаратә принципқәа еиларгоит. Урыстәыла анапхгара аҳәамҭақәа рыҟаҵара мацара акәымкәа, Украина аҳәааҿы арратә ақәыҕәҕәара дырҕәҕәеит, Киев иақәмақаруеит рыҳәара нарымгӡар, атәыла иажәылоит ҳәа», — иҳәеит  Жозеп Боррель.

Иара игаанагарала,  аимак аҽыхьчаразы иаҳа алҵшәа зхылҵша амеханизмқәа аҧҵатәуп.

Боррель ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла Украина иаҿагыланы изакәызаалак агрессиак аанарҧшыр, Евроеидгыла алахәылацәа зегьы, еиқәшаҳаҭны, асанкциақәеи егьырҭ амеханизмқәеи рхархәара иазыхиазароуп.