Жозеп Боррель – Ҳпартниорцәа Евроеидгыла азааигәахареи алалареи рҭахуп, Евроеидгыла уи иалаҽхәароуп
Жозеп Боррель – Ҳпартниорцәа Евроеидгыла азааигәахареи алалареи рҭахуп, Евроеидгыла уи иалаҽхәароуп

«Евроеидгыла мрагыларатә партниорцәа рҟны аизыҟазаашьақәа аҵакы ду рананашьоит. Ҳара абри арегион аҧыжәара аҳҭоит», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы  Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель.

«Ҳпартниорцәа Евроеидгыла азааигәахареи алалареи рҭахуп, Евроеидгыла уи иалаҽхәароуп.  Евроеидгыла аҩнуҵҟа лассы-лассы ҳалацәажәоит  иҟаҳҵаз аус ду  — ашәҭыкакаҷреи, ашәарҭадареи, алшарақәеи рзона аҧҵара. Ҳаидгыла иагу рацәоуп, аха, аҳәынҭқаррақәа рацәа уи иалалар рҭахуп, дара рзы уи астратегиатә хықәкуп, ҳара ҳзы уи акомплимент дууп. Сара Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи рҟны аимадара арҭбаара сақәшаҳаҭуп», — иҳәеит  Боррель.