Жәлар рыхьчаҩ лхаҭарнакцәа Михаил Саакашвили изинқәа реилагара афактқәа аадмырҧшит
Жәлар рыхьчаҩ лхаҭарнакцәа Михаил Саакашвили изинқәа реилагара афактқәа аадмырҧшит

Схаҭарнакцәа, еиҧҟьарада, абахҭашҟа инеины, ҧасатәи хада иҭакра аҭагылазаашьақәагьы, абахҭаҿы ишизныҟәогьы гәарҭоит, аха, азинеилагара афактқәа аадмырҧшит, — илҳәеит Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа Русҭавтәи абахҭа аҧхьа ажурналистцәа данрацәажәоз.

Лара ишылҳәаз ала, Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аргама алацәажәара азин лымам.

Жәлар рыхьчаҩ ишылҳәаз ала, Апенитенциартә усбарҭа анапхгара драцәажәан, ишеилкаахаз ала, Сакашвили иҳақьым абахҭашҟа днармышьҭит, избанзар иара ииашамкәа арзаҳал хаирҭәааит. Нино Ломџьариа абахҭа анапхгара дрыҳәеит аҳақьым адырра ирҭарц процедурақәак дырхысраны дшыҟоу азы. Иара убас, Ломџьариа ишылҳәаз ала, Михаил Саакашвили   еиуеиҧшым апрофильқәа рыла аус зуа гәыҧҩык аҳақьымцәа  дгәарҭарц  дақәшаҳаҭхеит. Дара аофициалтә ааҧхьара иазыҧшуп.