Женеватәи еилацәажәарақәа реицхантәаҩцәа – Алахәылацәақә џьоукы еиԥылара ахьаанрыжьыз аҟынтә, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рылахәылацәа мчыла ихгоу ауааԥсыра ирызку азҵаара ахцәажәара рылымшеит

Алахәылацәақәа џьоукы еиԥылара ахьаанрыжьыз аҟынтә, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рылахәылацәа мчыла ихгоу ауааԥсыра ирызку азҵаара ахцәажәара рылымшеит, – иануп Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара аицхантәаҩцәа аладырҵәаз апрессрелиз аҿы.

Иларҵәаз адыррақәа рыла, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа 51-тәи рраунд алахәылацәа ирыхәаԥшит Чорчана-Ҵнелиси иҟоу аҭагылазаашьа, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥзмаз аанкыларақәеи, иӡыз ауааԥсыра рызҵаареи, аимак аҿы аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рхааӡага амазаара аҵаки, апандемиа агуманитартә ҭагылазаашьа ныррас амоу. Иара убас ирыхәаԥшит аҭыԥ аҿы иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа.

Женеватәи адискуссиақәа рылахәылацәа ишеиқәшаҳаҭхаз, иашьҭанеиуа еиԥылара Женева 2021 шықәса хәажәкыра 23-24 рзы мҩаԥгахоит.